Гиули Аласаниа – Сара ишызбо ала, Саакашвили иҵегьы игхеит, иара шаҟа аҭаху акалориқәа изидикылом, избанзар ашҳам илоуп, афатә рацәаны изаазгеит, аха, акгьы имфеит
Гиули Аласаниа – Сара ишызбо ала, Саакашвили иҵегьы игхеит, иара шаҟа аҭаху акалориқәа изидикылом, избанзар ашҳам илоуп, афатә рацәаны изаазгеит, аха, акгьы имфеит

«Сара ишызбо ала, Саакашвили иҵегьы игхеит, иара шаҟа аҭаху акалориқәа изидикылом, избанзар ашҳам илоуп, афатә рацәаны изаазгеит, аха, акгьы имфеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа аклиника  «Вивамеди» аҿы Саакашвили данылба ашьҭахь.

«Сара аҳақьымцәа сымбеит, аха,  ишызбо ала, Саакашвили иҵегьы игхеит.  Аҵыхәтәаны даныркапаныз 62 кьыла дыҟан. Иара шаҟа аҭаху акалориқәа изидикылом, избанзар ашҳам илоуп, афатә рацәаны изаазгеит, аха, акгьы имфеит.  «Вивамеди»  аҳақьымцәа рҳәамҭала, Миша рҳәатәы хеиҵом, рхы дырқьиарц азыҳәан мзызк иашьҭоуп. Абри ауп проблемас иҟоу.  Дара рдырра акәӡам аус злоу, дара ироуз адҵа нарыгӡароуп.

Страсбургтәи аӡбарҭа иалаҳҵаша ашшыҧхьыз ирмазеины иҳамоуп, аха, аконкреттә алҵшәақәа ҳауп ҳәа сгәыҕуам», — илҳәеит  Аласаниа.