Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Еврокомиссиа Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ирыдҳәаланы ахатә позициа  аанарҧшыроуп

Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Еврокомиссиа, Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәа рҳасабала  Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ирыдҳәаланы ахатә позициа  аанарҧшыроуп, —  Twitter аҿы ари атәы рҩит Европатәи Ахеилак аҿы Франциа аделегациа алахәылацәа.

«Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа Еврокомиссиа ааҧхьаразы еиқәшаҳаҭхеит, акомиссиа Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәа рҳасабала  Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ирыдҳәаланы ахатә позициа  аанарҧшыроуп», — иануп Европатәи Ахеилак аҿы афранцыз делегациа аҳәамҭаҿы.