Еммануель Макрон – Бриуссель имҩаҧысуа Евроеидгыла асаммит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рзы ахадаратә ҵакы амоуп
Еммануель Макрон – Бриуссель имҩаҧысуа Евроеидгыла асаммит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рзы ахадаратә ҵакы амоуп

Франциа ахада иҳәамҭала, уаҵәы Бриуссель иалаго  ҩымштәи асаммит  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рзы ахадаратә ҵакы амоуп. Еммануель Макрон ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Париж, Словениа аҧыза-истр Роберт Голоб даниҧылоз.

«Уаҵәтәи адискуссиа Украинеи, Молдовеи, Қырҭәтылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рзы ахадаратә ҵакы амазаауеит. Уи Евроеидгыла иалоу атәылақәа рзгьы аҵакы ду амоуп. Убри азоуп ҳара, аамҭакала, Евроеидгыла аиҭакразы аус заауа», — иҳәеит Еммануель Макрон.

Иара убас,  Франциа алидер ишиҳәаз ала,  Франциа,  арратәи,  аекономикатәи,  агуманитартәи,  адипломатиатәи ганахьала иахьынӡаҭаххо Украина адгылара иазыхиоуп,  избанзар,  абраҟа  «аколлективтә шәарҭадареи,  азеиҧш принципқәеи,  азин ашьаҭала ишьақәгылоу жәларбжьаратәи аиҿкаареи иалацәажәоит».

Словениа аҧыза-министр  Роберт Голобгьы иазгәеиҭеит Украинеи,  Молдовеи,  Қырҭтәылеи рхырхарҭала Евроеидгыла арҭбаара аҵакы ду шамоу.