Дональд Трамп – Сара Москвеи Ленингради згазҭгьы, афеиктә информациаҿы уезгьы ирҳәон сара ашьаҿа цәгьа ҟасҵеит ҳәа,  арҭ ауаа ичмазаҩцәоуп, амцҳәара иаҿуп,  ҳтәыла рцәымҕуп  
Дональд Трамп – Сара Москвеи Ленингради згазҭгьы, афеиктә информациаҿы уезгьы ирҳәон сара ашьаҿа цәгьа ҟасҵеит ҳәа,  арҭ ауаа ичмазаҩцәоуп, амцҳәара иаҿуп,  ҳтәыла рцәымҕуп  

Дональд Трамп  Владимир Путини иареи имҩаҧыргараны иҟоу аиҧылара АИХқәа рҿы ишахцәажәо игәаҧхом.

«Сара Москвеи Ленингради згазҭгьы, афеиктә информациаҿы уезгьы ирҳәон сара ашьаҿа цәгьа ҟасҵеит ҳәа», — иҩит Дональд Трамп исоциалтә аҳа  Truth Social аҿы.

Америка ахада иҳәамҭала, иареи Путини реиҧылара иахцәажәоит  «даараӡа ииашам апресса».

«Дара аусура иамху, қәҿиарак змам, агаӡацәа рҳәамҭақәа еиҭарҳәоит, иаҳҳәап Џьон Болтон уаажәааны иҳәеит ари аиҧылара америкатә дгьылаҿ имҩаҧысуеит, аха, Путин уезгьы аиааира игахьеит ҳәа.  Уи иаанагои? Ҳара еснагь аиааира ҳгоит!», — иҩит  Трамп.