Дональд Трамп – Атермин  «арежим аҧсахра» мҽыҕрыла ахархәара иахәҭам, аха, ирантәи арежим Иран адура азыхынҳәра рылымшар, арежим аҧсахра зыҟамлои?
Дональд Трамп – Атермин  «арежим аҧсахра» мҽыҕрыла ахархәара иахәҭам, аха, ирантәи арежим Иран адура азыхынҳәра рылымшар, арежим аҧсахра зыҟамлои?

«Уажәтәи ирантәи арежим Иран адура азыхынҳәра рылымшар, арежим аҧсахра зыҟамлои?», — иҩит Америка ахада Дональд Трамп асоциалтә аҳаҿы.

«Атермин  «арежим аҧсахра» мҽыҕрыла ахархәара иахәҭам, аха, ирантәи арежим Иран адура азыхынҳәра рылымшар, арежим аҧсахра зыҟамлои????», — иҩит  Трамп.

Уаанӡа Америка атәылахьчара аминистр Пит  Хегсет иҳәеит Америка имҩаҧнагаз аахарақәа арежим аҧсахра акәымкәа,  Иран аиадертә потенциал  «адеградациеи»  «ақәхреи» иазкын ҳәа.