Биниамин Нетаниаҳу Владимир Путин ҭелла даниацәажәоз, Ҕаза асектораҿ иҟоу аимак иадҳәаланы Урыстәыла апозициа шигәамҧхо азгәеиҭеит
Биниамин Нетаниаҳу Владимир Путин ҭелла даниацәажәоз, Ҕаза асектораҿ иҟоу аимак иадҳәаланы Урыстәыла апозициа шигәамҧхо азгәеиҭеит

Биниамин Нетаниаҳу Владимир Путин ҭелла даниацәажәоз, Ҕаза асектораҿ иҟоу аимак иадҳәаланы Урыстәыла апозициа шигәамҧхо азгәеиҭеит. Израиль аҧыза-министри Урыстәыла ахадеи  50 минуҭ еиҿцәажәон.

Аиҿцәажәараан Нетаниаҳу Ирани  Урыстәылеи русеицурагьы акритика азиуит.

«Германтәыла анацистцәа рҟынтә ишыдрыцқьаз еиҧшҵәҟьа, ҲАМАСгьы убасҵәҟьа азаауеит. Израиль ҲАМАС алахәылацәа зегьы рықәхра залшом, аха, зегьы реиҳа ихадоу  — рнапхгара зегьы иқәаҳхуеит, — иҳәеит Израиль аҧыза-министр Урыстәыла ахада даниацәажәоз.

Израильтәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Нетаниаҳу Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла иатәылауаҩу израильуаҩ атҟәараҟынтә ихақәиҭтәразы. Иара ишиҳәаз ала, Израиль, наҟ-наҟгьы, аполитикатәи арратәи ахархәагақәа зегьы рыла, атҟәацәа зегьы рхақәиҭтәра иазықәҧоит. Аиҿцәажәараан Нетаниаҳу Путин диҳәеит Ҕаза асектораҿ иҟоу атҟәацәа рызнеира рылшарц азыҳәан Аџьар Ҟаҧшь дақәыҕәҕәарц.