Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра — Иҳаҩсыз амчыбжь азы Қырҭтәыла анаркотикқәа рхархәаразы игәаҭан 314ҩык, урҭ рҟынтә 240ҩык анаркотикқәа шрыдыркыло шьақәыргылоуп
Анаркотикқәа ирҿагыло ақәҧара арџьбара ашьаҭала, аминистрра аусзуҩцәа имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы Қырҭтәыла зехьынџьара анаркотикқәа рхархәаразы игәаҭан 314ҩык, урҭ рҟынтә 240ҩык анаркотикқәа шрыдыркыло шьақәыргылоуп. Амч змоу азакәан инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аусқәа аӡбарҭахь идәықәҵоуп, — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Аминистрра адыррала, атест ахысра зҭахымхаз 23ҩык анаркохархәаҩцәа раҳасабала ахараҧса рықәырҵеит, избанзар, уи иазҧхьагәаҭоуп иашьашәалоу азинтә нормала.
Иара убас, аминистрра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аполициа имҩаҧнаго аусмҩаҧгатәқәа зегьы, анаркотикқәа рзы агәаҭарақәагьы, атәылаҿы анаркотикқәа раларҵәара аҿагылара иазкуп, уи ауааҧсыра ринтересқәа ирыҵанакуеит.
«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы активла имҩаҧысуеит имцырку акампаниа азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа акциақәа рылахәылацәа мацара анаркотикқәа рхархәаразы игәарҭоушәа, уи ажәлар ржьара аҽазкроуп. Аполициа аусзуҩцәа ауаа гәарҭоит рполитикатә хәыҧшырақәа рыла еилых рымҭакәа.
Иара убас, АИХқәа рхаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ҳҧырхагахара иаҟәыҵны, анаркотикқәа ирҿагыло ақәҧараҿы аҭакҧхықәра ҳацеиҩыршарц, ари аус аҿы аинформациа иаша аларҵәара аҵакы ҷыда амоуп», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.