Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьҕалаӡеи,  Лаша Бериӡеи ааныркылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьҕалаӡеи,  Лаша Бериӡеи ааныркылеит

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьҕалаӡеи,  Лаша Бериӡеи ааныркылеит», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, иаанкылоу ауаа 9 шықәсанӡа аҭакра рықәшәоит.

«Арҭ ауаа амч ахархәарала Қырҭтәыла аконституциатә аиҿкаашьа аҧсахра ма аҳәынҭқарра аиҳабыра рыхҳәара аҽазкреи, иара убас, агәыҧтә  амчылара аиҿкаареи, анапхгараҭареи, алахәызаареи  азы ахара рыдуп. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы 9 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп», — иҳәеит  Дарахвелиӡе.