Апрокурор - Михаил Саакашвилии Гиги Угулавеи   Инсбрук 11 400 лари ршәеит агхара апроцедурақәа рзы
Апрокурор - Михаил Саакашвилии Гиги Угулавеи   Инсбрук 11 400 лари ршәеит агхара апроцедурақәа рзы

«Михаил Саакашвилии Гиги Угулавеи   Инсбрук 11 400 лари ршәеит агхара апроцедурақәа рзы», — иҳәеит абиуџьеттә аҧара аҕьычра аус азы апрокурор  Гьаргь Муџьири.

Апрокуратура  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилии Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда ҧасатәи аиҳабы Ҭемур Џьанашьиеи абиуџьеттә аҧара хықәкыда аныхра рхарарҵоит.

Апрокурор ишиҳәаз ала,  аофициалтә визитқәеи апротокол ала иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи рзы иҟаз ахарџьқәа хықәкыда иныху аҧара иаҵанакәам. Ахарадҵара зызку аҧара иныхын ҧасатәи ахадеи, иҭаацәара алахәылацәеи, иҩызцәеи   акомфорт рзеиқәыршәаразы.

«Еиуеиҧшым апроцедурақәа, агхаразы апроцедурақәагьы мҩаҧган. Иаҳҳәап,  Инсбрук  Михаил Саакашвилии Гиги Угулавеи агхаратә процедурақәа рзы  114 нызқь лари ршәеит.  Иара убас,  аҧара иныхын Монако, Таиланд, Сингапур, Милан уҳәа, адунеи иреиҕьу акурортқәа рҿы аҧсшьареи, ахатә ачысҟаҵаҩи, астилисти, аҳамҭақәеи рзы. Зынӡа хықәкыда иныхын  9 миллион  лари.

Ахьчаратә аган абри аус аҵакы дырмаҷыр рҭахуп, акгьы аҵанамкәашәа аадырҧшыр рҭахуп, аха, иҵабыргны иуҳәозар, ахатә комфорт азы иныхыз 9 миллион лари ауп ҳазлацәажәо», — иҳәеит апрокурор.