Апенитенциартә маҵзура ҷыда амедицинатә департамент анапхгаҩы  - Ацентр  «Емпатиа» ицәырнагаз адокументациа инақәыршәаны, Михаил Саакашвили ицәеижь аҿы  ашҳамра зхылҵыр ҟало убри аҟара   ашҳамтә маҭәашьақәа иҟам
Апенитенциартә маҵзура ҷыда амедицинатә департамент анапхгаҩы  - Ацентр  «Емпатиа» ицәырнагаз адокументациа инақәыршәаны, Михаил Саакашвили ицәеижь аҿы  ашҳамра зхылҵыр ҟало убри аҟара   ашҳамтә маҭәашьақәа иҟам

 

Апенитенциартә маҵзура ҷыда амедицинатә департамент анапхгаҩы    Малхаз  Урткмелиӡе иҳәамҭала, Ацентр  «Емпатиа» ицәырнагаз адокументациа инақәыршәаны, абаандаҩы Михаил Саакашвили ашҳам иҭара афакт шьақәырҕәҕәам.

Малхаз Урткмелиӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала,  адокументациа инақәыршәаны Михаил Саакашвили ицәеижь аҿы  ашҳамра зхылҵыр ҟало убри аҟара   ашҳамтә маҭәашьақәа иҟам.

Иара иажәақәа рыла,   «Емпатиа»  аҭҵаарақәа ахьымҩаҧнагоз америкатә лабораториа асаитаҿ  иарбоуп аконкреттә анализ аминималтә аҳәааи, иара убас, ззин иҟоу адозеи, аха арҭ адыррақәа адокументаҿы иарбам.

««Емпатиа»  аҭҵаарақәа ахьымҩаҧнагоз америкатә лабораториа асаитаҿ  иарбоуп аконкреттә анализ аминималтә аҳәааи, иара убас, ззин иҟоу адозеи, аха арҭ адыррақәа адокументаҿы иарбам. Ишеилкаахаз ала, алабораториаҿ ишьақәыргылаз ацифрақәа анорма аҵкыс еиҵуп. Абри адокумент ала ишьақәырҕәҕәоуп Михаил Саакашвили ицәеижьаҿы ашҳамра зхылҵыр ҟало убри аҟара ашҳамтә маҭәашьарқәа иҟам», — иҳәеит  Урткмелиӡе.