Аих рдыррақәа рыла, украинатәи аимак иадҳәаланы, Еврокомиссиа аҽазыҟаҵара асценарқәа руакы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара ду иадҳәалоуп
Аих рдыррақәа рыла, украинатәи аимак иадҳәаланы, Еврокомиссиа аҽазыҟаҵара асценарқәа руакы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара ду иадҳәалоуп

Украинатәи аимак алҵшәақәа рҭыԥқәҵаразы Еврокомисссиа аҽазыҟаҵаратә планқәа амоуп. Аҭыжьымҭа  Euobserver адыррақәа рыла, асценарқәа руакы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара ду иадҳәалоуп.

Еврокомиссиа аофициалтә хаҭарнак адеталқәа дрыхцәажәом, аха уи ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла ихиазаауеит.

“Доиче велле” адыррақәа рыла, Еврокомиссиа аҽазыҟаҵара апланқәа аҭагылазаашьа аескалациа еиуеиԥшым аспкетқәа ирыдҳәалоуп, урҭ иреиуоуп аенергоаиқәыршәара, аекономикатә лҵшәақәа, ахҵәацәа ирызку аҭазылазаашьа аицәахара. Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа иреиҳаӡоу акомиссар Џьозеф Борель иҟаиҵаз аҳәамҭала, Киев Евроеидгыла адипломатиатә хаҭарнакра аартызаауеит.