Агәабзиарахьчара аминистрра Они аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аусурақәа рымҩаҧгараан арратә маҵзуҩы  иҧсра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Агәабзиарахьчара аминистрра Они аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аусурақәа рымҩаҧгараан арратә маҵзуҩы  иҧсра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Они аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аусурақәа рымҩаҧгараан арратә маҵзуҩы  иҧсра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аусурақәа рымҩаҧгараан арратә маҵзуҩы иҧсра иадҳәаланы иазгәаҳҭар ҳҭахуп  хырҧашьа змам ацхыраара лас абригада, адырра анроуҵәҟьа,   10 минуҭ рыла (11:05) аҭыҧашҟа ишнеиз, аха, рыцҳарас иҟалаз, аҳақьымцәа ианнеи арратә маҵзуҩы дыҧсхьан.  Убри аҟынтә, арратә маҵзуҩы иаамҭаны амедицинатә цхыраара имоузшәа АИХқәа рҿы аларҵәара зауз аинформациа ииашам.

Ажәлар ирдыруазарц азыҳәан, иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп аҧсабаратә рыцҳара азона еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы еиҧҟьарада аус шыруа ацхыраара лас 4 бригадак. Иара убас, даҽа 2 машьынак гылоуп Онии Амбролаурии иҟоу раҧхьатәи амедицинатә цхыраара ацентрқәа рҿы.

Аҷыда ҭагылазаашьақәеи хырҧашьа змаз амедицинатә цхыраареи ацентр ахаҭарнакцәа зегьы арратә маҵзуҩы иҧсра даараӡа ргәы иалсит, дара иҧсыз иҭаацәара алахәылацәа ирыдашшылоит», — иануп аҳәамҭаҿы.