Агәабзиарахьчара аминистрра акьыба ачымазара змоу апациентцәа зда ҧсыхәа рымам ахәшәқәа рыла реиқәыршәара иалагеит
Агәабзиарахьчара аминистрра акьыба ачымазара змоу апациентцәа зда ҧсыхәа рымам ахәшәқәа рыла реиқәыршәара иалагеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра акьыба ачымазара змоу апациентцәа зда ҧсыхәа рымам ахәшәқәа рыла реиқәыршәара иалагеит. Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма иалахәы апациентцәа хәыда-ҧсада ироуеит швеицариатәи ахәшәқәа.

Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ишақәыршәаны, аҳәынҭқарра,  адунеи иреиҕьу афармацевтикатә еилахәырақәа рҟынтә  ишиашоу аахәарала, иаҳа акырӡа ахә мариала аанахәит зыхә дуу 13 аонкологиатә медикаментқәа.

Агәабзиарахьчара адыррала, амедикаментқәа реиқәыҧхьаӡареи апрограмма абиуџьети аздырҳаит, 400 нызқьҩык раҟара апациентцәа, ачымазара лаҽқәа рхәышәтәразы, хәыда-ҧсада ахәшәқәа роуеит.