Агәабзиарахьчара аминистрра – Афармацевтикатә еилахәырақәа аҳәынҭқарреи ауааҧсыреи ламысдарала ирызныҟәар ҟалом, азинеилагара афакт цыҧхьаӡа   ақәҿыҭра ҕәҕәа аҳҭоит
Агәабзиарахьчара аминистрра – Афармацевтикатә еилахәырақәа аҳәынҭқарреи ауааҧсыреи ламысдарала ирызныҟәар ҟалом, азинеилагара афакт цыҧхьаӡа   ақәҿыҭра ҕәҕәа аҳҭоит

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, афармацевтикатә еилахәырақәа аҳәынҭқарреи ауааҧсыреи ламысдарала ирызныҟәар ҟалом, азинеилагара афакт цыҧхьаӡа   ақәҿыҭра ҕәҕәа арҭоит.

«Аконкуренциа амилаҭтә агентра  аилахәырақәа  «PSP Pharma», «Аверси», «Фармадепо», «GPC»,   «Мермис»  52 797 934 лари ахараҧса рықәнаҵеит. Агәаҭарақәа раан ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аилахәырақәа аҳәынҭқарреи ауааҧсыреи  азарал рзааргон. Лымкаала,  «PSP Pharma», «Аверси», «Фармадепо», «GPC» , «Мермис» акьыба ачымазара зыхәшәтәуа апрепаратқәа рзы еиҧшу ахәқәа цәырыргеит,  арҭ аилахәарақәа,  еиқәшаҳаҭны,  ахәшәқәа рыхәқәа шьақәдыргылеит.

Аконкуренциа амилаҭтә агентра агәаҭара иалагеит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ироуз ааҧхьара ашьаҭала. Сынтәа Агәабзиарахьчара аминистрра изныкымкәа аанарҧшхьеит  афармавевтикатә еилахәарақәа еиқәшаҳаҭны имҩаҧыргоз ииашам аконкуренциеи,  хықәкыла ахәқәа рацҵареи,  цасҳәа адефицит аҧҵареи афактқәа.  Ареференттә ахәқәа ззышьақәмыргылаз ахәқәа рыхә ацҵан  1000%, 2000%, 3000%.   Афармацевтикатә еилахәырақәа Ҭырқәтәылантә иаагоу ахәшәқәа рҭиуан еиуеиҧшым европатәи атәылақәа рҟынтә иаагоу абри аҩызаҵәҟьа ахәшәқәа рыхәқәа рыла.  Зыӡбахәы ҳәоу аилахәырақәа хықәкыла адефицит аҧырҵон.  Афармацевтикатә еилахәырақәа аҳәынҭқарреи ауааҧсыреи ламысдарала ирызныҟәар ҟалом, азинеилагара афакт цыҧхьаӡа   ақәҿыҭра ҕәҕәа аҳҭоит», — иануп аҳәамҭаҿы.