Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Магдалена Гроно лмандат аҿҳәара ацҵоуп 2027 шықәса нанҳәа 31-нӡа
Евроеидгыла ахеиалак алахәылацәа Евроеидгыла ҩыџьа ахаҭарнакцәа ҷыдақәа рмандат ацҵаразы аӡбара рыдыркылеит. Урҭ дреиуп Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Магдалена Гроно. Лара лмандат аҿҳәара ацҵоуп 2027 шықәса нанҳәа 31-нӡа.
«Евроеидгыла ахаҭарнакцәа ҷыдақәа иқәиргылоит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы иреиҳаӡоу акомиссар, анеҩс, дара ркандидатурақәа шьақәнаргоит Евроеидгыла Ахеилак. Ахаҭарнакцәа ҷыдақәа хықәкыс ирымоуп аконкреттә регионқәеи атәылақәеи рҿы Евроеидгыла аинтересқәа рыхьчара. Иара убас, дара ареформақәеи, аҭышәынтәалареи, азакәан ахадареи рырҕәҕәара аус аҿы активтә роль нарыгӡоит», — иануп Евроеидгыла Ахеилак апресс-релиз аҿы.