Ҭырқәтәыла анапхгаратә партиа аспикер иҳәамҭала,  иааиуа амчыбжь азы Реџьеп Таип Ердоҕан Шәача Владимир Путин диҧылоит
Ҭырқәтәыла анапхгаратә партиа аспикер иҳәамҭала,  иааиуа амчыбжь азы Реџьеп Таип Ердоҕан Шәача Владимир Путин диҧылоит

Иааиуа амчыбжь азы Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп Таип Ердоҕан Урыстәылаҟа днеины,   Владимир Путин диҧылоит,  –  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла анапхгаратә партиа аспикер  Омер Челик.

Челик ишиҳәаз ала, Ердоҕан Урыстәылаҟа инеиреи Владимир Путин иҧылареи Амшынеиқәатәи арыцтә аиқәшаҳаҭрашҟа Урыстәыла ахынҳәра иацхраар ауеит.

„Ердоҕан, аглобалтә афатәаалыҵтә кризис аҽацәыхьчара амзызла, интенсивла адипломатиатә алшарақәа  зегьы ихы иаирхәоит“, –  иҳәеит Челик.

Челик иажәақәа рыла, аиҧылара Шәача имҩаҧысуеит.

Владимир Путин  Ердоҕан ҭелла даниацәажәоз   ишиҳәаз ала,  Мраҭашәара урыстәылатәи арыц аекспорт иадҳәаланы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡар, Москва Амшынеиқәатәи арыцтә еиқәшаҳаҭра азыхынҳәра иазыхиоуп.