Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҧсра иадҳәаланы Реџьеп Таип Ердоҕан иҟынтә адашшыларатә шәҟәы иоуит
Ҭырқәтәыла ахада Ренџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҧсра иадҳәаланы аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе адашшыларатә шәҟәы изааишьҭит.
Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла аҧыза-министри, аиашахаҵаратә уахәамеи, ақырҭуа жәлари дрыдашшылеит.
„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, хәажәкыра 17 рзы Қырҭтәыла Апатриарх Илиа Аҩбатәи иҧсҭазаара дшалҵыз ансаҳа даараӡа сгәы иалсит. Хаҭала сареи аҭырқәа жәлари ҳахьӡала, Апатриарх иҭаацәареи, шәареи, аиашахаҵаратә уахәамеи, ақырҭуа жәлари ҳшәыдашшылоит“, – иануп Ердоҕан ишәҟәы аҟны.
Ари аинформациа аланарҵәеит аҧыза-министр ипрессмаҵзура.