Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа арратә ҳаирплан аиашьықь еиқәа ҧшаауп
Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа арратә ҳаирплан аиашьықь еиқәа ҧшаауп

Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа арратә ҳаирплан аиашьықь еиқәа ҧшаауп. Иара ари атәы ааицҳаит анапхгаратә партиа алахәылацәа данырҧылоз.

Ердоҕан иҳәамҭала,  аусеилыргара иалагахьеит,  арыцҳараан  20ҩык ҭахеит.

Ҭырқәтәыла ахада ишазгәеиҭаз ала,  арыцҳара аныҟалаҵәҟьа, иашьашәалоу аструктурақәа рҟны аимадара шьақәыргылан,  зыҧшра ҟамҵакәа аҧшааратәи аиқәырхаратәи операциа иалагеит. Уажәазы  19ҩык рыҧсыбаҩқәа рбеит,  аӡәы иҧшаара иаҿуп.

Ердоҕан иҭахаз арратә маҵзуҩцәа дрыдашшылеит.