Анкара Ҭырқәтәылеи Украинеи рхадацәа реиҧылара мҩаҧысуеит.
Ҭырқәтәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла, Реџьеп Таип Ердоҕан зны ишиашо Украина ахада Зеленски диҧылоит, анеҩс, аҩ-тәылак рделегациақәа рҽалархәрала аиҧылара мҩаҧысуеит.
Сҭампыл урыстәыла-украинатә аиҿцәажәарақәа мҩаҧысраны иҟоуп. Аиҿцәажәарақәа ианалаго макьана еилкаам. Анкара инеиз Зеленски ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, наҟ-наҟ Украина иҟанаҵаша рыӡбоит Ердоҕани иареи реиҧылара ашьҭахь.
Урыстәылатәи аделегациа Сҭампыл инеихьеит. Аделегациа дахагылоуп Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Михаил Галузини, Урыстәыла Арбџьармчқәа Аштаб хада Аусбарҭа хада аиҳабы Игорь Костумови, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Фомини.