Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭырқәтәыла ахада Агәраргагатә шәҟәы ииҭеит
2025 шықәса лаҵара 1 азы, Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Арчил Каландиа Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Агәраргагатә шәҟәы ииҭеит.
Агәраргагатә шәҟәы аҭара аофициалтә церемониа мҩаҧган Ҭырқәтәыла ахада иханаҿы.
„Ацеремониа ашьҭахь имҩаҧгаз ишиашо аиҧылараҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи Ҭырқәтәыла ахадеи ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра иалацәажәеит“, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.
Аминистрра адыррала, ахада Ердоҕан Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.