Ҭырқәтәыла ахада иадминистрациа - Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Кобахиӡе адашшылареи адгылареи азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, аҧшаара-аиқәырхаратә операциа иазку аҵыхәтәантәи адыррақәа ирызкны диацәажәеит
Ҭырқәтәыла ахада иадминистрациа атәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи ҭелла реиҿцәажәара иазку аинформациа аланарҵәеит.
«Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ҭелла диацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иадҳәаланы имҩаҧысуа аҧшаара-аиқәырхаратә операциа иазку аҵыхәтәантәи адыррақәа ирылацәажәеит.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Ҭырқәтәыла ахада аруаа рҭахара иадҳәаланы диашшылеит. Аиҿцәажәараан Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Кобахиӡе адашшылареи адгылареи азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит», — иануп аинформациаҿы.