Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит.
Аҭырқәа лидер Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари мышхәыбзазара рзеиҕьеишьеит.
«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, хаҭала сареи аҭырқәа жәлари ҳахьӡала, шәареи ақырҭуа жәлари гәыкала ишәыдысныҳәалоит аиҩызаратә Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш. Иҳаҩсыз амзазы Анталиатәи адипломатиатә форум аҿы шәвизит аан ҳара, ҳажәларқәа рмышхәыбзазареи, иара убас, ҳрегион аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи азыҳәан, Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи русеицуреи рстратегиатә партниорреи иаҳа рырҭбаара ҳалацәажәаратәы алшара ҳаман. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, агәабзиареи анасыҧи шәзеиҕьасшьар сҭахуп, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар мышхәыбзазара рзеиҕьасшьоит», — иануп Ҭырқәтәыла ахада ишәҟәы аҟны.