Си Ӡиньпин  Михаила Ҟавелашвили  Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит  - Сара Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранасшьоит, урҭ рырҭбаара сазыхиоуп 
Си Ӡиньпин  Михаила Ҟавелашвили  Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит  - Сара Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранасшьоит, урҭ рырҭбаара сазыхиоуп 

Китаитәи жәлартә республика ахада Си Ӡиньпин Қырҭтәыла ахада  Михаила Ҟавелашвили  Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны  Си Ӡиньпин Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҵакы азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, ҩ-ганктәи аимадарақәа иаҳа рырҭбаара дазыхиоуп.

«Ҳаҭыр зқәу ахада, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп, шәареи ақырҭуа жәлари бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьасшьоит.

Китаии Қырҭтәылеи пату еиқәызҵо  еиҩызцәоуп. Иара убас, ҳпартниорцәоуп, ҳара азинеиҟарареи аҩ-ганк ирзыфеидоу аҭагылазаашьақәеи рышьаҭала аус еицаауеит. Уажәазы Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аҕәҕәахара иаҿуп, аполитикатә аимадарақәа иаҳа иҕәҕәахеит, аганрацәалатә усеицура иаҳа-иаҳа алҵшәа ахылҵуеит. Сара Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранасшьоит, урҭ рырҭбааразы аус шәыцура  сазыхиоуп.  Қырҭтәыла ашәҭыкакаҷра азеиҕьасшьоит, ақырҭуа жәлар  — аразҟы бзиа», — иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.