Евроеидгыла ахаҭарнакреи уи иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәеи  — Еиҭашьақәҳарҕәҕәоит ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло
Евроеидгыла ахаҭарнакреи уи иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәеи  — Еиҭашьақәҳарҕәҕәоит ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло

Евроеидгыла ахаҭарнакреи уи иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәеи   Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  дара даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

«Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи гәыкала Қырҭтәыла адырныҳәалоит Ахьыҧшымра амш! Қырҭтәыла ахьыҧшымра рылаҳәан  1918 шықәса лаҵара 26 рзы. Ахьыҧшымра адекларациа аҵакы ҳаамҭазтәи ақырҭуа уаажәларраҿы азҿлымҳара ду амоуп.  Қырҭтәыла аҭоурых ибзианы иаҳнарбоит ақырҭуаа Европаҟны аимадарақәа рырҕәҕәара ишазҿлымҳау. Аҵыхтәантәи ҩажәеижәаба шықәса ирылагӡаны Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи Қырҭтәыла иацхраауеит, Қырҭтәылазы игәрагоу партниорцәас иаанхоит. Адемократиатә реформақәа рҿы апрогресси, азакәан ахадареи, ахадаратә хақәиҭрақәа рыхьчареи европатәи амҩаҿы ахадаратә ҵакы змоу ҭагылазаашьақәоуп. Иахьатәи амш азы ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа адаҟьаҿ икьыҧхьу аҳәамҭаҿы.