Реџьеп Таип Ердоҕан – Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргыларазы алшара ҿыц цәырҵит,  уажәазы ари алшара рхы иадырхәап ҳәа сгәыҕуеит
Реџьеп Таип Ердоҕан – Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргыларазы алшара ҿыц цәырҵит,  уажәазы ари алшара рхы иадырхәап ҳәа сгәыҕуеит

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргыларазы алшара ҿыц цәырҵит.

„Уажәазы излаҟо ала, Урыстәылеи, Украинеи, Америкеи, Европеи аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит. Ҳара, аганқәа зегьы зыгәра рго атәыла аҳасабала, арҭ аиҿцәажәарақәа рҿы алагала аҟаҵара ҳазыхиоуп, аганқәа зегьы  гәахәарала ҳтәылаҿы иҳадаҳкылоит. Уажәааны иҳамаз аимадарақәа рҟынтә ишубарҭоу ала, аҭынчра ашьақәыргыларазы алшара ҿыц цырҵит, уажәазы ари алшара рхы иадырхәап ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Ердоҕан.

Уаанӡа, аҭырқәа лидер Украина ахада Владимир Зеленски ҭелла диацәажәан, аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы аганқәа зегьы рыдкылара дшазыхиоу иеиҳәеит.