Хакан Фидан – Евроеидгыла Ҭырқәтәыла ада аглобалтә хәмарҩыс изыҟалом
Хакан Фидан – Евроеидгыла Ҭырқәтәыла ада аглобалтә хәмарҩыс изыҟалом

Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Хакан Фидан иҳәамҭала,  Евроеидгыла Ҭырқәтәыла ада аглобалтә хәмарҩыс изыҟалом. Фидан игәаанагарала, Евроеидгыла аконкреттә ҳәынҭқаррақәа ринтересқәа мацара рықәныҟәара ахәҭам.

Аҭырқәа дипломат Бриуссель ахь ааҧхьара ҟаиҵеит Анкареи Бриуссели рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҿиаразы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц.

Иара убас, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла Евроеидгыла алаларазы аполитикатә ҭаххара ҕәҕәа амоуп.