Шәамахьтәыла аиҳабыра Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани рхадацәа Ереванҟа ааҧхьара рырҭеит
Шәамахьтәыла аиҳабыра Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани рхадацәа Ереванҟа ааҧхьара рырҭеит

Шәамахьтәыла аиҳабыра Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани рхадацәа Ереванҟа ааҧхьара рырҭеит. Ари атәы ааицҳаит Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан.

Иара иажәақәа рыла, Реџьеп  Таип Ердҕани Ильҳам Алиеви ҳаҧхьаҟа Ереван имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара асаммитахь иаарыҧхьеит.

«Аҩ-ганк ауаа рацәа ҳцәыҧсит, ҳара ҳаиҕацәан. Аинаалара апроцесс. Атәылақәа рацәеи ажәларқәа рацәеи ари апроцесс иахысит. Аигәыларатә еизыҟазаашьақәа шьақәҳаргылар ҳҭахуп. Абри аҩыза ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳахәҭоума? Ахада Ердоҕан Шәамахьтәыла иҭаара ҳхахьы изаҳзаамгои? Иахьа Ҧашиниан Азербаиџьанҟа ивизит ҳхахьы иаҳзаагом, аха, ари ахырхарҭала ацара ҳаҿуп. Знымзар-зны абри аҩыза аҭагылазаашьагьы ҟалап», — иҳәеит  Арарат Мирзоиан.