Аекономика аминистрра - Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иӡбарала, азербаиџьантәи абылтәы аихамҩала Шәамахьтәылаҟа зныктәи амҩангара хәыҧсада имҩаҧгахоит
Аекономика аминистрра - Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иӡбарала, азербаиџьантәи абылтәы аихамҩала Шәамахьтәылаҟа зныктәи амҩангара хәыҧсада имҩаҧгахоит

Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра азербаиџьанатәи абылтә Шәамахьтәылаҟа амҩангара  иазкны амедиаҿы аларҵәара зауз аинформациа иахцәажәеит. Ари аинформациа ишану ала,  „Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа аихамҩала абылтәы амҩангара аанкылоуп атарифтә ҧынгылақәа рымшала“.

„Сынтәа, ҧхынҷкәын 5 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра апартниортә тәылақәа рҟынтә аҳәара роуит Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа аихамҩала знык абылтә амҩангара иазкны.

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иӡбарала, Қырҭтәыла аихамҩа зыҧшра ҟамҵакәа иадырҵеит азербаиџьантәи абылтәы аихамҩала Шәамахьтәылаҟа хәыҧсада амҩангара еиқәдыршәарц.  Аофициалтә аганқәа ари аӡбара иазкны адырра роуит.

Қырҭтәыла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рзы еснагь игәрагоу, астратегиатә партниорс иҟан, егьаанхоит. Ҳара еснагь арегионаҿ аҭынчреи аусеицуреи ҳадгылоит“, – иануп Қырҭтәыла Аекономика аминистрра аҳәамҭаҿы.