Алеқсандр Лукашенко – Ашәамахьцәа ргәы рҽанызароуп, Украина иҟалаз дара рҿгьы иҟамларцаз, избанзар, Украинагьы абасҵәҟьоу зегьы ишалагоз 
Алеқсандр Лукашенко – Ашәамахьцәа ргәы рҽанызароуп, Украина иҟалаз дара рҿгьы иҟамларцаз, избанзар, Украинагьы абасҵәҟьоу зегьы ишалагоз 

Беларусь ахада Алеқсандр Лукашенко Шәамахьтәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит наҟ-наҟтәи рҧеиҧш алхраан ргәы рҽанызарц.

«Ҳара ашәамахь жәлар ҳрықәыҕәҕәом, аха,  лабҿаба иубарҭоуп алхрақәа раҧхьа аполитикатә  хәмаррақәа шымҩаҧысуа. Ҳәарада,  абри зегьы алхратә  хықәкқәа рзы рхы иадырхәоит. Аха,  шәамахьтәыла анапхгара ииашамкәа рхы мҩаҧыргоит,  Евроазиатәи аекономикатә еидгыла пату ақәырҵом. Аидгыла алахәылацәа зегьы абасоуп ргәы ишаанаго.

Ашәамахьцәа ргәы рҽанызароуп, Украина иҟалаз дара рҿгьы иҟамларцаз, избанзар, Украинагьы абасҵәҟьоу зегьы ишалагоз. Шәара уи ибзиаӡаны ишәгәалашәоит. Уажәааны аибашьра зхызгаз ашәамахь жәлар иаҳа иуадаҩу аҭагылазаашьа иҭагылар ҟалом. Шәымццакын, цқьа шәазхәыцны,  аҟәыҕара аашәырҧшы», — иҳәеит  Лукашенко.