Шәамахьтәылеи Америкеи зегьы зымҽхакуа астратегиатә партниорра ахартиа рнапы аҵарҩит 
Шәамахьтәылеи Америкеи зегьы зымҽхакуа астратегиатә партниорра ахартиа рнапы аҵарҩит 

Шәамахьтәылеи Америкеи зегьы зымҽхакуа астратегиатә партниорра ахартиа рнапы аҵарҩит.

Лымкаала, адокумент рнапы аҵарҩит Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиани Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои.

Шәамахьтәылатәи амедиа адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа  „Трамп имаршрут“ (TRIPP) апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, иара убас, аминералтә ресурсқәа рыҵхреи рҿиареи аусхкы аҿы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Еревантәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза Звартноц аҿы.

Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ажурналистцәа данрацәажәоз ишиҳәаз ала, Еревани Вашингтони рстратегиатә партниорра  аҩаӡара ҿыц аҟынӡа ишьҭыҵит.

Марко Рубио Ереван даҭааит Индиантә, иара иахьаҵәҟьа Шәамахьтәыла дықәҵуеит.