Шәамахьтәылатәи АИХқәа  - Урыстәылатәи ачарыц  Шәамахьтәылаҟа инагахоит  иааиуа  асааҭқәа рзы,   Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҵакырадгьыл ала
Шәамахьтәылатәи АИХқәа  - Урыстәылатәи ачарыц  Шәамахьтәылаҟа инагахоит  иааиуа  асааҭқәа рзы,   Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҵакырадгьыл ала

Шәамахьтәылатәи АИХқәа  – Урыстәылатәи ачарыц  Шәамахьтәылаҟа инагахоит  иааиуа  асааҭқәа рзы,   Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҵакырадгьыл ала

Иааиуа асааҭқәа рзы урыстәылатәи ачарыц  Шәамахьтәылаҟа инагахоит     Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҵакырадгьыл ала. Шәамахьтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, аилахәыра  «Аахыҵ-Кавказтәи аихамҩа» адиректор  Алеқсеи Мельников ари атәы ааицҳаит  Ереван  имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Мельников иҳәамҭала, аҭоурых ҿыц аҧҵахоит — Шәамахьтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә аимадара еиҭалагоит.

«Иааиуа асааҭқәа рзы урыстәылатәи ачарыцла иҭәу 15 вагонқәа  Азербаиџьани Қырҭтәылеи ирылсны, Шәамахьтәылаҟа иаауеит», — иҳәеит Мельников.

Иара убас, адиректор Азербаиџьан аҵакырадгьыл ала Шәамахьтәылеи Казахстани рыбжьара аидара амҩангара аҵакы дахцәажәеит.

«Уажәшьҭа ҳара Шәамахьтәылантә Казахстани Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рахь аидара анагара ҳалшоит. Уи еиҳангьы, Китаиҟа аконтеинертә амҩангарақәа реиҿкаара ҳалшоит», — иҳәеит Мельников.

Иара иажәақәа рыла, амаршрут ҿыц  аҳәаатә пункт Ларс аҿы аҭагылазаашьа аиҕьтәреи амшынеиқәатәи ахырхарҭала амҩангарақәа рыхә армаҷреи иацхраауеит.