Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио лаҵара  26 рзы Шәамахьтәыла даҭаауеит 
Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио лаҵара  26 рзы Шәамахьтәыла даҭаауеит 

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио лаҵара  26 рзы Шәамахьтәыла даҭаауеит.

Агентра «Арменпресс» адыррақәа рыла, ари аинформациа аланарҵәеит Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аинформациа ишану ала, Марко Рубио Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Арарат Мирзоиан диҧылоит, анеҩс,  аминистрцәа апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Иара убас,  аганқәа рхаҭарнакцәа,  ҩ-ганктәи адокументқәа рнапы рыҵарҩуеит.