Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи ҭелла еицәажәеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент.
„Иахьа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ҭелла диацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аинтересқәа ирыҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит, урҭ рыгәҭа – Кавкази Амшын еиқәа арегиони ршәарҭадарагьы“, – иануп Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак Тони Пигот иҳәамҭаҿы.