Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Қырҭтәыла адиныҳәалеит Ахьыҧшымра амш. Адныҳәалара атекст аланарҵәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент.
«Иеиду Америкатә Штатқәа рыхьӡала, Қырҭтәыла ауааҧсыра шәмилаҭтә ныҳәа шәыдысныҳәалоит.
Ари ашықәс азы америкауааи ақырҭуа жәлари реиҩызара арҕәҕәаразы алшара ҿыцқәа цәырҵуеит.
Америка Қырҭтәыла асуверенитети жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Америка ишәарҭам ашәҭыкакаҷратә аҧеиҧш иазҿлымҳау Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ирышьашәалоу апартниорра иазыразуп», — иануп Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭаҿы.