Марко Рубио - Дональд Трамп Украинаҿ аибашьра аҟәыҵразы Урыстәыла ахь имоу ичҳареи иҭахрақәеи ицәыӡуеит
Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио иҳәамҭала, Дональд Трамп Украинаҿ аибашьра аҟәыҵразы Урыстәыла ахь имоу ичҳареи иҭахрақәеи ицәыӡуеит. Рубио ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Fox News аефираҿ.
Рубио Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини ҭелла реиҿцәажәара дахцәажәан, ишиҳәаз ала, ари аиҿцәажәара алҵшәа ахылымҵит.
«Дональд Трамп ачҳареи Украинаҿ аибашьра аҟәыҵразы Урыстәыла аганахьала ашьаҿақәа рыҟаҵара аҭахреи ицәыӡуеит. Ари аибашьра иара итәым, аха, аибашьра ахыркәшара дазҿлымҳауп», — иҳәеит аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ.
Рубио иажәақәа рыла, Урыстәыла аамҭа ацәыӡуеит, уаҳа акгьы.
«Дональд Трамп ҵыхәҧҵәарада ацәажәара игәы иҭам», — иҳәеит Рубио.