Фҩык асенаторцәеи аконгрессменцәеи Марко Рубио иахь аҳәара ҟарҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә агарантиақәа иоурц USAID ҧасатәи аусзуҩцәа рганахьала ақәыҕәҕәареи ашьҭацалареи шыҟамло азы 
Фҩык асенаторцәеи аконгрессменцәеи Марко Рубио иахь аҳәара ҟарҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә агарантиақәа иоурц USAID ҧасатәи аусзуҩцәа рганахьала ақәыҕәҕәареи ашьҭацалареи шыҟамло азы 

Америкатә сенаторцәа Џьин Шаҳини, Роџьер Уикери, Џьон  Кертиси,  Шелдон Уаитхауси,  иара убас, аконгрессменцәа Џьо Уилсони Стив Коени  Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ   Марко Рубио изырҩыз ашәҟәы аҟны администрациахь ааҧхьара ҟарҵеит  Америка ҧасатәи аусзуҩцәа ақырҭуа аофициалтә хаҿқәа рықәыҕәҕәара аҟынтә ирыхьчарц.

Ашәҟәы аҟны фҩык асенаторцәеи аконгрессменцәеи Марко Рубио иахь аҳәара ҟарҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә агарнтиақәа иоурц USAID ҧасатәи аусзуҩцәа рганахьала ақәыҕәҕәареи ашьҭацалареи шыҟамло азы.

«Қырҭтәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит Америкаҟны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара шырҭаху,  аха,  дара иҟарҵогьы ирҳәогьы ҽакоуп иаанаго. Ҳара шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә агарнтиақәа шәоурц USAID ҧасатәи аусзуҩцәа рганахьала ақәыҕәҕәареи ашьҭацалареи шыҟамло азы.

Жьҭаара 1 азы АИХқәа иаладырҵәаз аинформациа инақәыршәаны, Қырҭтәыла Ашәарҭадара амаҵзура аиҳабы Мамука Мдинараӡе Америка аиҳабыра ацәгьаршра рхараиҵеит, иара иҳәамҭала,  USAID ҧасатәи аусзуҩцәа аҳамҭа аҳасабала аҧара роуан, аха, иҵабыргны, уи америкатә персонал рамхра ашьҭахь Қырҭтәыла азакәан ала иазҧхьагәаҭоу атәанчахә акәын.  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәылацәа иара иҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит. Абри аҩыза имцырку аинтерпретациа адәныҟатәи амаҵзура аусзуҩцәа рзы шәарҭоуп.

Иара убас, шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аҳәынҭқарратә департамент „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟынтә иааҧҵәаны иаҳәарц дара абарҭ ишәарҭоу аҳәамҭақәа аофициалла мап рцәыркырц.   Трамп иадминистрациа Қырҭтәыла аус зуа америкатә перспонал ашәарҭара иҭазыргыло абарҭ анарративқәа ирыхәаҧшроуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар егьырҭ аиҳабыррақәа рзгьы ишәарҭоу апрецедент аҧырҵоит.

Америка аиҳабыра аҭыҧантәи аперсонал ирықәгәыҕуеит, дара  америкатә усбарҭақәеи агентрақәеи рыдҵала рус нарыгӡоит. Ҳара  атәым аиҳабырақәа рҟынтә ари аперсонал ҳзымхьчар, адунеи зехьынџьара Америка аполитика амҩаҧгара ҳцәыуадаҩхоит», — иануп ашәҟәы аҟны.