Урсула фон дер Лаиен – Урыстәыла аибашьра иаҟәыҵыр, Украинаҿ уаҳа аибашьра ҟалом, аха, Украина аибашьра иаҟәыҵыр, Украина уаҳа изыҟалом
Урсула фон дер Лаиен – Урыстәыла аибашьра иаҟәыҵыр, Украинаҿ уаҳа аибашьра ҟалом, аха, Украина аибашьра иаҟәыҵыр, Украина уаҳа изыҟалом

Урыстәыла аибашьра иаҟәыҵыр, Украинаҿ уаҳа аибашьра ҟалом, аха, Украина аибашьра иаҟәыҵыр, Украина уаҳа изыҟалом, илҳәеит Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен Франциа, Тезе ақыҭан имҩаҧысуаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла, Евроеидгыла аҭынчра ашьақәыргылароуп изызку, иахьа, Урыстәыла Украинаҿ ианеибашьуа, Евроеидгыла  Европаҿ аҭынчреи ашәарҭадареи еиқәнаршәароуп.
«Урыстәыла аибашьра иаҟәыҵыр, Украинаҿ уаҳа аибашьра ҟалом, аха, Украина аибашьра иаҟәыҵыр, Украина уаҳа изыҟалом.  Убри аҟынтә, иахьа аҭынчра ахьчара Украина ацхраароуп иаанаго. Украинаа рхатә хьыҧшымреи, рхатә демократиеи иазықәҧоит. Украинаа еиқәхар рҭахуп, дара европатәи ҳпринципқәа ирзықәҧоит, агәра ганы сыҟоуп  «Украинаҿ ацәгьара шаҵахо», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада.