Урсула фон дер Лаиен – Қырҭтәыла аус ацура наҳагӡароуп, ари атәыла Евроеидгыла аинвестициатә план ахархәара алшарц азыҳәан, ҷыдала, Амшын еиқәа арегион еимыздо апроектқәа рырҿиаразы
Урсула фон дер Лаиен – Қырҭтәыла аус ацура наҳагӡароуп, ари атәыла Евроеидгыла аинвестициатә план ахархәара алшарц азыҳәан, ҷыдала, Амшын еиқәа арегион еимыздо апроектқәа рырҿиаразы

Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии лареи реиҧылара дахцәажәеит  Twitter аҿы.

Урсула фон дер Ляиен ишазгәалҭаз ала, Евроеидгыла Қырҭтәыла аус ацура анагӡара иазыхиоуп, ари атәыла 12 абжьагарақәеи  Евроеидгыла аекономикатә инвестициақәа рплани анагӡара алшарц азыҳәан.

«Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәылеи  Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа аусхәаҧштә алацәажәаразы алшара бзиа сыман.    Ҳара Қырҭтәыла аус ацура анагӡара ҳазыхиоуп, ари атәыла 12 абжьагарақәеи  Евроеидгыла аекономикатә инвестициақәа рплани анагӡара алшарц азыҳәан, ҷыдала, Амшын еиқәа арегион еимыздо апроектқәа рырҿиаразы», — илҩит  Урсула фон дер Лаиен.