Урсула фон дер Лаиен Киев дыҟоуп
Урсула фон дер Лаиен Киев дыҟоуп

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Киев дыҟоуп, лара Украина иреиҳаӡоу Рада аҿы дықәгылар лгәы иҭоуп. Ари атәы ааицҳаит афракциа “Абжьы” алахәыла Иарослав Железниак.

Еврокомиссиа абҵара 8 рзы арҭбаара иазку есышықәсатәи аҳасабырба цәырнагароуп, аҳасабырбаҿ Евроеидгыла алалара зҭахәу жәатәылак, Украина урҭ рыгәҭа, рпрогресс ахәшьара арҭоит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен  лвизит апозицивтә ахәшьара аанарԥшуазар ҟалап.