Урсула фон дер Лаиен  - Бухарест сыҟоуп Аахыҵ Кавказ аҟны ҳенергетикатә партниорра алацәажәаразы
Урсула фон дер Лаиен  - Бухарест сыҟоуп Аахыҵ Кавказ аҟны ҳенергетикатә партниорра алацәажәаразы

Бухарест сыҟоуп Аахыҵ Кавказ аҟны ҳенергетикатә партниорра алацәажәаразы,  – илҩит Еврокомиссиа ахада Урысула фон дер Лаиен асоциалтә аҳа  „Твитер“ аҿы.

„Европа аенергиа иаҵәала аиқәыршәаразы апотенциал ду змоу,  ҳзықәгәыҕуа апартниорра.  Иаҳзеиҧшу аҧеиҧш аиқәыршәараҿы иҳацхраауа аенергиа“, – илҩит Урсула фон дер Лаиен.

Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи аиҳабырақәа рнапхгаҩцәа  рнапы аҵарҩуеит  „Азербаиџьантәи ареспубликеи,  Қырҭтәылеи,  Румынтәылеи,  Венгриеи аиҳабырақәа рыбжьара аенергиа иаҵәа аҿиареи амҩангареи аусхкы аҿы аусеицура  иазку“ аиқәшаҳаҭра.  Анапаҵаҩра ацеремониа рхы аладырхәоит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени Румынтәыла ахада Клаус Иоҳанеси.