Украинатәи ахҵәацәа хышықәса Евроеидгыла анхара азин роуеит
Украинатәи ахҵәацәа хышықәса Евроеидгыла анхара азин роуеит

Украинатәи ахҵәацәа хышықәса Евроеидгыла анхара азин роуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура.

Жәабран 24 инаркны Украина иалҵхьеит  850 нызқьҩык иреиҳаны ауааҧсыра. Урҭ рыбжа Польшаҟа ицеит.

Евроеидгыла аҵакырадгьыл аҿы Украина атәылауаа  анхареи аусуреи азин рымазаауеит,  амедицинатә аҧгаҧсеи анхарҭақәеи рыла еиқәыршәазаауеит.