Владимир Зеленски  - Украинатәи ақалақьқәа абомбақәа рыларыжьразы адҵа ҟазҵо, егьыназыгӡо ауааҧсыра зегьы аарҧшны, аҭакҧхықәра рыдаҳҵоит
Владимир Зеленски  - Украинатәи ақалақьқәа абомбақәа рыларыжьразы адҵа ҟазҵо, егьыназыгӡо ауааҧсыра зегьы аарҧшны, аҭакҧхықәра рыдаҳҵоит

«Украинатәи ақалақьқәа абомбақәа рыларыжьразы адҵа ҟазҵо, егьыназыгӡо ауааҧсыра зегьы аарҧшны, аҭакҧхықәра рыдаҳҵоит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски авидеоааҧхьараҿы.

Иара иажәақәа рыла, Донецктәи атәылаҿацә ақалақь Часов Иар аурыс арбџьармчқәа иаларыжьыз абомбақәа рымшала уаҟа иҭахеит  15ҩык, жәаҩыла ауааҧсыра аҧҽыхақәа рыҵаҟа иаанхеит.

Украина ахада ишиҳәаз ала, аиааиразы Украина атәылауаа зегьы, аполитикатәи аинформациатәи аекономикатәи ганахьала еидгылазароуп.

«Анацисттә ацәгьауцәа  90 ма  100 шықәса анырхыҵлакгьы ирҧшаауеит. Дара адунеи зехьынџьара ирышьҭацалоуп. Ҳәарада, ҳара  абри аҟара аамҭа ҳаҧшыр ҳҭахым, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп дара хымҧада ахьырхәра шроуа», — иҳәеит Зеленски.