Владимир Зеленски – Украина шаҟаҩы иҭахо аӡәгьы дазхәыцуам
Владимир Зеленски – Украина шаҟаҩы иҭахо аӡәгьы дазхәыцуам

Украина ахада Владимир Зеленски ишиҳәаз ала, Украина шаҟаҩы иҭахо аӡәгьы дазхәыцуам. Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка Ауаажәларратә телехәаҧшра аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, Конгресс аҿы Украина ацхрааратә пакет еиҭах мап ацәыркыр, уи аполитикатә зҵаарас иҧхьаӡазар ауеит.

„Уи аполитикатә зҵаароуп. Украина есымша шаҟаҩы иҭахо аӡәгьы дазхәыцуам. Дара рхатә реитинг мацара иаргәамҵуеит. Абри ауп аус злоу.  Дара ирхашҭит иҭахаз ауаа ареитинг интересс ишрымам. Украина иаҵахар, НАТО иалоу тәылак аҿы аибашьра ҟалар,  убасҟан америкатә аруаа урҭ рыхьчоит. Абасоуп ишыҟало. Конгресс иалоу ауааҧсыра Украина ацхраара иазку  аполитикатә зҵаарақәа цқьа ирызхәыцроуп. Абри ацхыраарада ихәарҭам аҳәынҭқаррақәа зегьы ирыдгылароуп“, – иҳәеит Зеленски.