Владимир Зеленски -  Украина аконтржәылара анагӡара аплан амоуп
Владимир Зеленски -  Украина аконтржәылара анагӡара аплан амоуп

Украина ахада Владимир Зеленски ишиҳәаз ала,   Украина аконтржәылара анагӡара аплан амоуп.

Зеленски ишазгәеиҭаз ала, Украина  2024 шықәсазы аконкреттә хықәкқәа амоуп, аха, 2023 шықәсазгьы афронатаҿ ақәҿиара аиур ҟалап.

«Ҳара ҳахьцаша, аконтржәылара ахьымҩаҧаагаша  аадыруеит, аха, есымша ауаа ҳцәыӡуеит. Уи ашоу ма акино акәӡам. Ҳара адунеи зегьы ҳџьаршьаратәы иҟаҳҵар ҳҭахым. Аха, мышкгьы ҳцәыӡыр ҳҭахым», — иҳәеит Зеленски.

Зеленски ишьақәирҕәҕәеит Украина аладатәи мрагыларатәи ахәҭақәа рҿы ирласны ҧхьаҟацара шрылымшо, аха, ишиҳәаз ала, агәра ганы дыҟоуп ақәҿиара шроуа. Иара убас, Зеленски аҳәаанырцәтәи апарламентқәа рҿы акризисқәагьы дрылацәажеит.

«Ҳсолдаҭцәа аладатәи ахәҭахьы инеит, аха, аминақәа зҵоу адәқәа рацәа рбеит, избанзар, ҳара бжьымз аџьаҧҳаны ҳазыҧшын», — иҳәеит Зеленски.

Украина ахада даҽазнык иазгәеиҭеит Урыстәылаҟны акомпромисс шыҟамло, иара ишиҳәаз ала, аибашьра ахыркәшара ҟалоит Урыстәыла арбџьармчқәа Украина ианалҵлак.