Владимир Зеленски  Олаф  Шольц иахь ааҧхьара ҟиҵеит аполитикатә шьаҿа ҟаиҵарц, лаҵара   9 рзы Киев даҭаарц
Владимир Зеленски  Олаф  Шольц иахь ааҧхьара ҟиҵеит аполитикатә шьаҿа ҟаиҵарц, лаҵара   9 рзы Киев даҭаарц

Владимир Зеленски  Германтәыла аканцлер Олаф  Шольц иахь ааҧхьара ҟиҵеит аполитикатә шьаҿа ҟаиҵарц, лаҵара 9 рзы Киев даҭаарц. Украина ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит британиатәи аналитикатә центр аҿы авидеоконференциа аан.

«Иара аргама ааҧхьара иаҳҭахьеит. Украинаҟа дааҳаҧхьоит. Иара аполитикатә шьаҿа ҟаҵаны, лаҵара 9 рзы Киев дааҭааир илшоит. Абри зысҳәо еилышәкааратәы иазхаша адырра шәымоуп», — иҳәеит Зеленски.

Украина ахада Мариупольгьы далацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа аргәаҟраҵәҟьа иеиҧшуп, аҭынчуаа ма аруаа ршьыр,  Урыстәылаҟны изакәызаалак аиҿцәажәарак ҟалом.

«Аурысцәа агәра ргом арратә ацәгьаурақәа рзы аҭакҧхықәра рыдҵара шыҟало, избанзар дара аиадертә бџьар рымоуп.  72 мшы ҵхьеит зымҽхак дуу аибашьра иалагеижьҭеи, урыстәылатәи аган аибашьра аҟәыҵра ишазыхиоу макьана иубарҭам», — иҳәеит  Зеленски.