Владимир Зеленски – НАТО Вильниустәи асаммит алҵшәа бзиа ахылҵит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, аха, алианс ашҟа ааҧхьара ҳарҭазҭгьы еиҕьхон
Владимир Зеленски – НАТО Вильниустәи асаммит алҵшәа бзиа ахылҵит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, аха, алианс ашҟа ааҧхьара ҳарҭазҭгьы еиҕьхон

«Украина еснагь азеиҧш шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы  алагара ҟанаҵон, егьыҟанаҵоит. Ашәарҭадара  — НАТО асаммит ахадаратә ҳасабтәуп», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Зеленски ишазгәеиҭаз ала, уажәшьҭа Украина, НАТО алаларазы  ауснагаӡтәқәа рплан анагӡара аҭаххом.

«НАТО астандартқәа рашьашәалазааразы амҩа ду ҳахысит. Ҳарратә маҵзуҩцәа НАТО аус ацыруеит. Ҳаамҭазтәи абџьар ахархәара шҳалшо шьақәҳарҕәҕәеит, дара ишьақәдырҕәҕәеит аглобалтә демократиа атеррактқәа раасҭа ишыҕәҕәоу.

Украина, аибашьра ишаҿугьы, ареформақәа мҩаҧнагоит. Евроеидгылахь аинтеграциазы иаҭахыз зегьы ҟаҳҵеит. Украина НАТО алаларазы ауснагӡатәқәа рплан аҭаххом, ари аӡбара ахә ҳшьоит.  Ари асаммит ҳаруааи, ҳтәылауааи, ҳхәыҷқәеи хырҳагара рзаанагар сҭахуп. Ҳтәылауаа ашәарҭадара агарантиақәа рыҭатәуп. Иахьа G7 алахәылацәа арҭ агарантиақәа шьақәдырҕәҕәоит, уи аконкреттә алҵшәахоит. Асаммит алҵшәа бзиа ахылҵит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, аха, НАТО ашҟа ааҧхьара ҳарҭазҭгьы еиҕьхон.

Ҳара макьана НАТО ҳалахәым, аха, ҳара ҳахьчара  – адунеи ауаажәларра Украина иазаадырҧшуа адгылароуп. Абри ауп зегьы реиҳа ихадоу. Украина ахақәиҭра азықәҧаратә еибашьраҿы аиааира агеит», — иҳәеит  Владимир Зеленски.