Владимир Зеленски ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа ахада ҭелла данлацәажәоз, анефҭи агази аҟынтә Урыстәыла иаиуа ахашәала армаҷреи  Урыстәыла атәылауаа  авизатә  аҧкрақәа рзышақәыргылареи далацәажәеит
Владимир Зеленски ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа ахада ҭелла данлацәажәоз, анефҭи агази аҟынтә Урыстәыла иаиуа ахашәала армаҷреи  Урыстәыла атәылауаа  авизатә  аҧкрақәа рзышақәыргылареи далацәажәеит

  Украина ахада Владимир Зеленски ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа ахадеи иареи  реиҿцәажәараан Урыстәыла атәылауаа авизатә аҧрақәа рзышьақәыргылара иалацәажәеит. Украина ахада ари атәы иҩит  «Твиттер» аҿы.

«Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен ҭелла слацәажәеит.  Ҳара амикрофинанстә транш   ҳалацәажәеит. Сара иаҵшьны иазгәасҭеит асанкциақәа  8-тәи апакет шырмазеитәу, уи иалазароуп Урыстәыла атәылауаа авизақәа рыҭаразы ақәиҭымтәра», — иҩит  Зеленски.

Иара убас, Зеленски ишазгәеиҭаз ала,  анефҭи агази аҟынтә Урыстәыла иаиуа ахашәала армаҷразы иҟаҵатәу ашьаҿақәагьы дырзааҭгылеит.