Владимир Зеленски – Европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы Урыстәылазы абаҕәазақәа адыркыроуп, урыстылатәи акоммерциатә аҕбақәагьы рырратә аҕбақәа ирышьҭаларц
Владимир Зеленски – Европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы Урыстәылазы абаҕәазақәа адыркыроуп, урыстылатәи акоммерциатә аҕбақәагьы рырратә аҕбақәа ирышьҭаларц

Украина ахада Владимир Зеленски европатәи аҳәынҭқаррақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәылазы абаҕәазақәа адыркырц.

Украинатәи алидер ари аҳәамҭа ҟаиҵеит авидеоааҧхьараҿы.

Иара еиуеиҧшым атәылақәа руаажәларратә структурақәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит  аинициатива ҿыцқәа рзы.

«Лымкаала, швециатәи абаҕәазатә усзуҩцәа рзанааҭеидгыла сраҭабууп, дара ажәа шьҭарҵеит Урыстәыла иадҳәалоу аҕбақәа рымаҵ шырымуа азы. Уи ииашаны иҟарҵеит,  ауаажәларратә структурақәа зегьы, абизнес-ассоциациақәа зегьы аҿырҧштәы бзиа рырҭеит», — иҳәеит  Зеленски.

Иара ишазгәеиҭаз ала, уажәы Урыстәыла рзаанырымкылар, егьырҭ агрессорцәагьы адунеи аҿы егьырҭ аибашьрақәа иалагоит.