Владимир Зеленски – Евроеидгыла алалара апроцесс кыраамҭа шаҭаху аадыруеит, аха раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵароуп
Владимир Зеленски – Евроеидгыла алалара апроцесс кыраамҭа шаҭаху аадыруеит, аха раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵароуп

«Евроеидгыла алалара апроцесс кыраамҭа шаҭаху аадыруеит, аха раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵароуп», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски европатәи алидерцәеи иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аҭынчра аҭахым. Москва ирҭаху акоуп  —  аибашьра анагӡара. Зеленски иажәақәа рыла,  Европа урыстәылатәи агрессиазы аҭак ҟанаҵароуп акзаареи Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьареи ала.

«Урыстәыла хықәкык ауп иамоу  —  Украина аиҟәшара, абас-ала Европагьы аиҟәшара. Ҳара абарҭ апланқәа ҳарҧырхагахароуп, Урыстәыла идҳарбароуп Европа ахақәиҭреи, адемократиеи, акзаареи   шыхьчазаауа.  Ҳакзаареи ҳпозициа ҕәҕәеи ааҳарҧшыр ҳалшоит акандидат астатус ҳанашьара ала. Уи Европа аҵакырадгьыл аҿы ахақәиҭра арҕәҕәара иацхраауеит,  XXI ашәышықәсазы зҵакы дуу аполитикатә аӡбарас, азеиҧш аҭоурыхтә аихьӡарас  иҟалар ауеит. Ҳәарада, ҳара ибзианы еилаҳкаауеит Евроеидгыла алалара апроцесс кыраамҭа шаҭаху, аха, раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵароуп.  Украина ззин наӡоу Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз  аусура алагара ҳазыхиоуп», — иҳәеит   Владимир Зеленски.