Владимир Зеленски – Аурысцәа импыҵадырхалаз Ҟрым архынҳәра Донбасс архынҳәра аасҭа иаҳа имариахоит
Владимир Зеленски – Аурысцәа импыҵадырхалаз Ҟрым архынҳәра Донбасс архынҳәра аасҭа иаҳа имариахоит

 

 

Украина ахада иҳәамҭала, Урыстәыла ала импыҵахалоу Ҟрым архынҳәра Донбасс  архынҳәра аасҭа иаҳа имариахоит.  Владимир Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит астудентцәа данырҧылоз.

Иара иажәақәа рыла, Ҟрым аибашьра иҟамызт, убри аҟынтә, уи архынҳәра усҟак иуадаҩхом. Донбасс иаҳа аҭагылазаашьа цәгьоуп, избанзар, уи  10 шықәса рыҩныҵҟа  Урыстәыла ахылаҧшра аҵаҟа иҟоуп.

«Ҳара аҵакырадгьылқәа иаҳа ирласны рырхынҳәра ҳалшар ауеит, ауаа рырхынҳәра аасҭа. Иаҳҳәап, Донбасс,  уаҟа ауааҧсыра 10 шықәса рыҩныҵҟа даҽа қәыҧшыларак аҿы инхоит, уи акыраамҭалатәи процессуп.  Донбасс иаҳа иуадаҩуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Ҧаса ҳпартниорцәа исарҳәон: Ҟрым архынҳәра шәылымшар ҟалап, Донбассгьы архынҳәра шәцәыуадаҩхоит.  Ауаа ҳрылаҵцәажәозар, аҵакырадгьылқәа уезгьы ауаа рыла ихынҳәуеит, ауаа ирҭахымзар  — уи даараӡа иуадаҩхоит.

Ҟрым аибашьра иҟамызт, убри аҟынтә, уи архынҳәра усҟак иуадаҩхом. Донбасс иаҳа аҭагылазаашьа цәгьоуп, избанзар, уи  10 шыҩныҵҟа  Урыстәыла ахылаҧшра аҵаҟа иҟоуп. Ҳара ҳзы ихадоу – ҳҽеиқәҳархароуп, иҳамоу еиқәҳархароуп, егьи зегьы хымҧада ихынҳәуеит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.